Карл Ҳарцель Цхинвалтәи де-факто анапхгареи Урыстәылеи рахь ааԥхьара ҟаиҵоит "Аахыҵ Уаԥстәыла" административтә аҳәаатә цәаҳәаҿ апунктқәа зегьы аадыртырц
Карл Ҳарцель Цхинвалтәи де-факто анапхгареи Урыстәылеи рахь ааԥхьара ҟаиҵоит "Аахыҵ Уаԥстәыла" административтә аҳәаатә цәаҳәаҿ апунктқәа зегьы аадыртырц

Ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель Цхинвалтәи де-факто анапхгареи Урыстәылеи рахь ааԥхьара ҟаиҵоит “Аахыҵ Каԥстәыла” административтә аҳәаатә цәаҳәаҿ апунктқәа зегьы аадыртырц, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

“Ҩышықәса раԥхьаАахыҵ Уаԥстәыла административтә аҳәаатә цәаҳәаҿ Оӡистәи оужьратә пункт аркын, ари апунктла аиасра ирылшон есымш 400-ҩык рыҟынӡа.

Аҵыхәтәантәи ҩышықәса ирылагӡаны, Ахалгори иқәынхо аетникатә аҟырҭуа уааԥсыра административтә аҳәаа ахысра, руацәа рбара, атәанчахәа агара, ахәышәтәра ма рхатә бызшәала аҵара алшара рымамызт.

COVID-19 азы атестқәа рыцхырааралеи иашьашәалоу астратегиа анагӡареи рыла ауааԥсыра ишәарҭам рныҟәара алшара роуроуп, Евроеидгыла де-факто анапхгареи Урыстәылатәи афедерациеи рахь ааԥхьара ҟанаӡоит “Аахыҵ Уаԥстәыла” административтә аҳәаатә цәаҳәаҿ апунктқәа зегьы аадыртырц,” – иануп аҳәамҭа аҿы.