Карл Ҳарцель  – Қырҭтәыла зымч наӡоу апарламент аиуратәы иҟаҵатәуп
Карл Ҳарцель  – Қырҭтәыла зымч наӡоу апарламент аиуратәы иҟаҵатәуп

 

Қырҭтәыла акрызҵазкәа апроблемақәа рыӡбара зылшаша,  зымч наӡоу апарламент иҟазароуп, —  иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ажурналистцәа данрацәажәоз.

Адипломат ақырҭуа оппозициеи анапхгаратә гәыҧи реиҧыларақәа ибзианы дрыхцәажәан, ишиҳәаз ала, апрогресс ҟалаанӡа ари ахырхарҭала аҽазышәарақәа  нагӡахоит.

«Убри азыҳәан алидертә ҟазшьақәеи  аганқәа зегьы рхы иадырҵаша аҭакҧхықәреи аҭахуп», —  иҳәеит Харцель.