Карл Ҳарцель - Иахьа гәахәара ду ала европарламент аҟынтә алхрақәа рхылаԥшразы аделегациа сыдыскылеит
Карл Ҳарцель - Иахьа гәахәара ду ала европарламент аҟынтә алхрақәа рхылаԥшразы аделегациа сыдыскылеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иажәақәа рыла, иахьа европарламент аҟынтә алхрақәа рхылаԥшразы аделегациа ахьсыдыскылаз даара сгәы иаахәеит.
Ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз ала, аделегациа алахәылацәа аиԥыларақәа рымҩаԥгара иалагахьеит.
“Алхрақәа рымҩаԥгара ҩымш шагә апроцессқәа ахәшьара рыстом. Иахьа, шьыжьымҭан гәахәара ду ала  Лиетуватәи европарламент алахәыла Ваидере дызхагылоу аделегациа сыдыскылеит. Урҭ иахьеи уаҵәи аиԥыларақәа мҩаԥыргоит, алхратә проуесс иахылаԥшуеит, амҽышаҽны ОDHIR-и дареи азеиԥш ахәшьараҭара рхы аладырхәооит,” – иҳәеит Ҳарцель.