Калифорниа иҭахаз рхыԥхьаӡара 80-ҩык инаӡеит
Калифорниа иҭахаз рхыԥхьаӡара 80-ҩык инаӡеит

Амцакра иахҟьаны Калифорниа иҭахаз рхыԥхьаӡара 80-ҩык, хабарда ибжьаӡит 1000-ҩык.

Амца иамҽханакит 500 км2. Амца иалаблит 10 нызқь хыбра. Рыҩнқәа ирхыгоуп 300 000-ҩык ауааԥсыра.

Дональд Трамп Калифорниаҿы аҭагылазаашьа ҷыда рылеиҳәеит.