Кабул иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара 110-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Кабул иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу рхыԥхьаӡара 110-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Афганистан аҳҭнықалақь иҟалаз атҟәацраан зыԥсҭазаара иалҵхьоу 110-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари атәы аанацҳаит “Аль Џьазира.

Амедиахархәага аинформациа ала, атҟәацра ашьҭахь, Кабултәи аҳаирбаӷәазантә атәылауаа ревакуациа апроцесс еиҭалагеит. Зықьҩыла атәылауаа аҳаирбаӷәаҿ аҳаирпланқәа ирзыԥшуп.

Нанҳәа 26 рзы аҭыԥ змаз атеракт аан иҭахеит 13-ҩык америкатәи аруаа.