Џьулиан Смит - Нато ашәқәа иаартны иаанхоит, уи аркра азин аӡәгьы имаӡам
Џьулиан Смит - Нато ашәқәа иаартны иаанхоит, уи аркра азин аӡәгьы имаӡам

Нато ашәқәа иаартны иаанхоит, уи аркра азин аӡәгьы имаӡам, – илҳәеит Нато иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Џьулиан Смит.

Џьулиан Смит лажәақәа рыла, алианс алахәыла-тәылақәа зегьы  уаҵәы Урыстәылаҟны адиалог иазыхиоуп, аха Украина иалалар, Натои Евроеидгылеи рҟынтә аҭак цәгьа шахылҵуа Урыстәылахь иҟарҵо ашҭымҭа атәыла алахәылацәа зегьы иадгылоит.

Уаҵәы, ажьырныҳәа 12 рзы Нато аштаб уадаҿ Натои Урыстәылеи рхеилак еиԥылара мҩаԥгахоит.