Џьо Баидени Владимир Зеленскии нанҳәа 31 рзы еиԥылоит
Џьо Баидени Владимир Зеленскии нанҳәа 31 рзы еиԥылоит

Украинеи ЕАШ-и рхадацәа Џьо Баидени Владимир Зеленскии нанҳәа 30 ацынхәрас, нанҳәа 31 рзы еиԥылоит.

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҟаиҵаз аҳәамҭала, аиҭакра иадҳәалоуп Украина ахада ивизит апрограмма арҭбаара.

“Авизит апрограмма аелементқәа рырҭбаара иадҳәаланы, Украинеи ЕАШ-и рхаадацәа Џьо Баидени Владимир Зеленскии нанҳәа 30 ацынхәрас, нанҳәа 31 рзы еиԥылоит,” – иҳәеит Кулеба.