Џьо Баиден  - Қырҭтәыла ацхыраарала атҟәацәа рхақәиҭтәра азҵаараҿы иҟаз апрогресс ҳаҧхьаҟа арегионалтә усеицуразы шьаҭас иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит
Џьо Баиден  - Қырҭтәыла ацхыраарала атҟәацәа рхақәиҭтәра азҵаараҿы иҟаз апрогресс ҳаҧхьаҟа арегионалтә усеицуразы шьаҭас иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит

 

Америка ахада Џьо Баиден Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан алхрақәа рҿы аиааиреи аиҳабыра ҿыц аиқәыршәареи идиныҳәалеит. Шәамахьтәылатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр ипресс-маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Џьо Баиден ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ацхыраарала атҟәацәа рхақәиҭтәра азҵаараҿы иҟаз апрогресс ҳаҧхьаҟа арегионалтә усеицуразы шьаҭас иҟалоит.

 «Америка гәахәарала ишәыцхрааит Азербаиџьан иҟаз атҟәацәа рхақәиҭтәраҿы.  Қырҭтәыла ацхыраарала атҟәацәа рхақәиҭтәра азҵаараҿы иҟаз апрогресс ҳаҧхьаҟа арегионалтә усеицуразы шьаҭас иҟалап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Џьо Баиден.

Америкатә лидер иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла имҩаҧгаз алхрақәа рылагьы иубарҭоуп ашәамахь жәлар иаҳа иаарту, иаҳа аҿиара змоу, акоррупциа ахьыҟам  адемократиатә уаажәларра рымазар шырҭаху.  Америка ахада Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит излауа ала ирласны аиҿцәажәара иалагарц.