Џьо Баиден  - Путин ауаҩшьҩы иоуп ҳәа сгәы иаанагоит, 2020 шықәсазы Америка алхрақәа рҽалагаларазы ахә ашәара иқәшәоит
Џьо Баиден  - Путин ауаҩшьҩы иоуп ҳәа сгәы иаанагоит, 2020 шықәсазы Америка алхрақәа рҽалагаларазы ахә ашәара иқәшәоит

Путин ауаҩшьҩы иоуп ҳәа сгәы иаанагоит, 2020 шықәсазы Америка алхрақәа рҽалагаларазы ахә ашәара иқәшәоит, — иҳәеит Америка ахада  Џьо Баиден  АВС иеиҭаз аинтервиу аҿы.

«Иара хымҧада ахә ашәара иқәшәоит, шәара хымҧада уи жәбоит. Ҳара кыраамҭа ҳаицәажәон. Ибзиаӡаны дыздыруеит. Аиҿцәажәара ҳаналагоз абас иасҳәеит: «Сара ибзиаҵәҟьаны уздыруеит, уаргьы судыруеит.  2020 шықәсазы Америка алхрақәа уҽалаугалеит ҳәа ишьақәсырҕәҕәар,  ухианы уҟазароуп», — иҳәеит Баиден.