Џьо Баиден капитоли аԥхьа амобилизациа ззыруз амилаҭтә гвардиа хаҭарнакцәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит
Џьо Баиден капитоли аԥхьа амобилизациа ззыруз амилаҭтә гвардиа хаҭарнакцәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит

Асоциалтә каҭаҿы  арратә маҵуҩцәа амашьынақәа рааҭгылараҿы шыцәаз афотоҭыхымҭақәа аналадырҵәа ашьҭахь. ЕАШ ахада Џьо Баиден капитоли аԥхьа амобилизациа ззыруз амилаҭтә гвардиа хаҭарнакцәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

ЕАШ ахада амилаҭтә гвардиа абиуро аиҳабы дизасын, аҭамзаара шьҭеиҵан, аҭагылазаашьа арҽеиразы иҟасҵарызеи ҳәа диазҵааит.

Афотоҭыхымҭақәа аныларҵәаха ашьҭахь, штатқәак ргубернаторцәа ЕАШ аҳҭнықалақь аҟынтә агвардиа хаҭарнакҵәа дара-дара рштатҵәа рахь идырхынҳәит.

Роитер адыррақәа рыла, Вашингтон амобилизациа змаз агвардиа хаҭарнакҵәа акоронавирус рыдбалан. Идырым ахыҵхырҭа адырраҵәа рыла, акоронавирус рыдбалан 100-200 рҟынӡа аруаа.

ЕАШ ахада иинаугурациа аҽны Вашингтон амобилизациа рзуун 25 000-ҩык рҟынӡа арруаа.