Џьо Баиден акоронавирус азы алаҵа ишиашоу ефир аҿы изыҟарҵеит
Џьо Баиден акоронавирус азы алаҵа ишиашоу ефир аҿы изыҟарҵеит

ЕАШ ҿыц иалху ахада Џьо Баиден акоронавирус азы алаҵа ишиашоу ефир аҿы изыҟарҵеит. Баиден “Фаизери” “Биоентеки” еицаԥырҵаз алаҵа Делавер аштат аҿы, иҩны ааигәара иҟоу ахәшәтәырҭаҿ изыҟарҵеит.

Алаҵа ашьҭахь, ЕАШ ҿыц иалху ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит алаҵақәа рыҟаҵара ишәарҭам ҳәа.

Џьо Баиден иажәақәа рыла, алаҵақәа реизшаразы аамҭа аҭаххоит, уи ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит асабрадақәа ныҟәыргарц, аныҳәамшқәа раан рацәаны имныҟәарц.