Џьин Шаҳин  - Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи Урыстәыла  аполитика цәгьа аҿагыларазы иаҭаху адемократиатә рефомақәа нарыгӡароуп
Џьин Шаҳин  - Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи Урыстәыла  аполитика цәгьа аҿагыларазы иаҭаху адемократиатә рефомақәа нарыгӡароуп

Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи Урыстәыла  аполитика цәгьа аҿагыларазы иаҭаху адемократиатә рефомақәа нарыгӡароуп, –  илҳәеит америкатә сенатор Џьин Шаҳин  Амшын еиқәа ашәарҭадара иазкны Сенат аҿы имҩаҧгаз  азыӡырҩраҿы.

Америкатә сенатор лажәақәа рыла,  мраҭашәареи Урыстәылеи Амшын еиқәа арегион аҿы аконкуренциа рыбжьоуп, Урыстәыла абри арегион аҿы агрессиатә политика цәгьа мҩаҧнагоит.

Америкатә сенатор Урыстәыла НАТО арҭбаара ишаҧырхагоу даналацәажәоз, ҿырҧштәыс иаалгеит Урыстәыла – Қырҭтәылатәи Урыстәыла – Украинатәи аибашьрақәа. Иара убас,  Урыстәыла агрессиатә хымҩаҧгашьа ҳасабала,  Џьин Шаҳин импыҵахалоу ацәаҳәаҿы Урыстәыла ала закәандарала аҳәаатә ҧынгылақәа рықәыргылара далацәажәеит.

Америкатә сенатор НАТО ала апартниорцәа рыцхраара аҵакы далацәажәан, абри аганахьала ҷыдала дырзааҭгылеит  азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа.

Џьин Шаҳин ишазгәалҭаз ала, НАТО алахәылацәа,  еиқәшаҳаҭны,    Урыстәыла агрессиатә хымҩаҧгашьазы аҭак ҟарҵароуп.