Џьамтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы, заанаҵтәи адыррақәа рыла, аиааира игеит Сеиед Ебраҳим
Џьамтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы, заанаҵтәи адыррақәа рыла, аиааира игеит Сеиед Ебраҳим

Џьамтәыла апрезиденттә алхрақәа рҿы, заанаҵтәи адыррақәа рыла, аиааира игеит Сеиед Ебраҳим Реиси.

Џьамтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, алхрақәа рҿы Реиси 17 миллион 800 нызқь бжьык иоуит, алзрақәа рҿы рхатә позициа аадырԥшит 28 миллион 600 нызқҩык.

Џьамтәыла ахада иҭыԥ азы алхрақәа иалхәыз егьырҭ акандидатцәа рҟынтә аӡәгьы 3300 000 иреиҳаны абжьқәа рмоуит.

Џьамтәылатәи аих рдыррақәа рыла, хҩык акандидатцәа Сеиед Ебраҳим Реиси алхрақәа рҿы аиааира агана идырныҳәалеит. Алхрақәа рҿы абжьыҭира зин рыман 59310000-ҩык.