Израиль иаарту ақәыҧшылараҿы асабрадақәа рныҟәгаразы аҧкра аҧырхуп
Израиль иаарту ақәыҧшылараҿы асабрадақәа рныҟәгаразы аҧкра аҧырхуп

Иахьа инаркны Израиль, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра абзоурала, иаарту ақәыҧшылараҿы асабрадақәа рныҟәгаразы ишьақәгылаз аҧкра аҧырхуп.  Ари аинформациа аладырҵәеит израильтәи АИХ.

Израиль аиҳабыра рыӡбара ала, мшаҧы  18 инаркны ашколқәа зегьы аусура еиҭалагоит.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акороанвирус  95 афактқәа мацара аарҧшуп.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, авакцина раҧхьатәи адоза роухьеит  5 341 887ҩык атәылауаа,  4 965 696ҩык аҩ-дозак ҟарҵахьеит.

Аҧкрақәак ишаҧыхугьы, иарку ақәыҧшылареи ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыҧқәеи рҿы уезгьы асабрадақәа ныҟәгатәуп.