Израиль ала Ҕаза асектор азы имҩаҧгаз авиажәылара аан 31ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҭахеит
Израиль ала Ҕаза асектор азы имҩаҧгаз авиажәылара аан 31ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҭахеит

Израиль ала Ҕаза асектор азы имҩаҧгаз авиажәылара аан иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара иазҳаит 131ҩык рҟынӡа, урҭ рҟынтә 31ҩык ахәыҷқәа роуп, 600ҩык раҟара ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит  «Аль-Джазира».

Ҕаза асектор аҟынтә  ҲАМАС ала Израиль азы имҩаҧгаз авиажәылара аан иҭахеит быжьҩык, ҩыџьа ахәыҷқәа нрылаҵаны.

Израили апалестинатә радикалтә гәыҧ ҲАМАСи рыбжьара ҩ-ганктәи ажәыларақәа иалагеит лаҵара  9 рзы. Израиль атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Ҕаза асектор аҿы адгьылтә операциа иалагар ҟалап.