Ихынҳәыз амигрантцәа рреинтеграциа аҳәынҭқарратә программа аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Ихынҳәыз амигрантцәа рреинтеграциа аҳәынҭқарратә программа аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

Қырҭтәыла ахҵәацәеи, аекомигрантцәеи, ахныҟәгаратә хыҵхырҭақәеи рзы агентраҿы ихынҳәыз амигрантцәа ареинтеграциаҿы рыцхраара аҳәынҭқарратә программа аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, апрограмма хықәкыс иамоуп аемиграциантә ихынҳәуа Қырҭтәыла атәылауаа ареинтеграциа апроцесс аҿы рыцхраара.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны,  200ҩык раҟара ихынҳәыз амигрантцәа, ахныҟәгаратә хыҵхырҭеи аусурҭеи аҧшаараҿы ацхыраара роуеит. Арзаҳалқәа рылыркылоит мшаҧы 4-нӡа.