Иване Чхаиӡе  - Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит акоронавирус аҧшьбатәи ацәқәырҧа ашыкьымҭа ҳахысит ҳәа
Иване Чхаиӡе  - Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит акоронавирус аҧшьбатәи ацәқәырҧа ашыкьымҭа ҳахысит ҳәа

Аиммунизациа азҵааразы атехникатә абжьагаҩцәа рмилаҭатә гәыҧ анапхгаҩы,  апрофессор  Иване Чхаиӡе ишиҳәаз ала,  аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы атәылаҿы аепидҭагылазаашьа аиҕьхара иаҿуп.

Иара иажәақәа рыла,  акоронавирус апандемиа аҧшьбатәи ацәқәырҧа ашыкьымҭа  ииасит.

«Аҧшьбатәи ацәқәырҧа амаксималтә арбага  — 6 208 афактқәа —  нанҳәа  17 рзы иҟан,  убринахыс арбага есымша амаҷхара иаҿуп.

Агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәарагьы маҷхеит. Иахьазы иҭацәны иҟоуп  1600 аиарҭаҭыҧқәа. Гәрагарала иаҳҳәар ҳалшоит акоронавирус аҧшьбатәи ацәқәырҧа ашыкьымҭа ҳахысит ҳәа.  Жьҭаара алагамҭазы есымша иаарҧшхо афактқәа рхыҧхьаӡара  1000 иреиҳамхар ҟалап», — иҳәеит Иване Чхаиӡе.

Иара ишазгәеиҭаз ала, авирус ахәбатәи ацәқәырҧа абҵаразы иҟалар ауеит, аха уи алацәажәара макьана заацәоуп.