Иван Преображенски  -  Урыстәыла апротесттә цәқәырҧа азҳара иаҿуп, атәыла анапхгаара ррезерв нҵәеит, ақәыҕәҕәара арҕәҕәара алшара рымам
Иван Преображенски  -  Урыстәыла апротесттә цәқәырҧа азҳара иаҿуп, атәыла анапхгаара ррезерв нҵәеит, ақәыҕәҕәара арҕәҕәара алшара рымам

5 нызқьҩык иреиҳаны адемонстрантцәа аанкылоуп ажьырныҳәа 31 рзы Урыстәыла еиуеиҧшым ақалақьқәа рҿы имҩаҧгаз апротесттә акциақәа раан.  Акциақәа рылахәылацәа аоппозиционер Алеқсеи Навальни ихақәиҭтәра иаҳәоит. Аполициа аусзуҩцәа адубинақәеи аелектрошокерқәеи рхы иадырхәон.

Урыстәылатәи аполитолог Иван Преображенски игәаанагарала,  Урыстәыла апротесттә цәқәырҧа азҳара иаҿуп, атәыла анапхгаара ррезерв нҵәеит, ақәыҕәҕәара арҕәҕәара алшара рымам.

«Атәыла анапхгара, апротест аанкыларазы  изларылшоз ала амч рхы иадырхәит. Апротесттә цәқәырҧа аанкыларазы адубинкақәа индыркны аелектрошокерқәа рҟынӡа зегьы рхы иадырхәит,  аха, ишубарҭоу ала, акгьы рылымшеит, иазхаша арезерв рымам,» – иҳәеит Преображенски.

Иара иагәаанагарала, атәылауаа Алесеи Навальни иҧеиҧш мацара акәӡам изыргәамҵуа, дара Урыстәыла уажәтәи анапхгара рахь рхатә претензиақәа рымоуп.