"Ирхашҭхьоу европатәи еибашьра" -   нанҳәатәи еибашьра  адунеитә медиаҿы
"Ирхашҭхьоу европатәи еибашьра" - нанҳәатәи еибашьра адунеитә медиаҿы

Адунеитә медиа Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра еилгеижьҭеит 10 шықәсҵра иадҳәаланы аматериалқәа аланарҵәеит. 2008 шықәсатәи еибашьра иазкны автортә статиақәа ркьыҧхьит “Еврониуси”,  “Вашингтон пости”,  “Доиче велеи”  егьырҭ идуу аҭыжьымҭақәеи.

Euronews

“Ирхашҭхьоу европатәи еибашьра” – абас ахьӡуп Euronews аҿы икьыҧхьыз астатиа. Апубликациа автор Крис Ҳарис ишиҳәо ала,  10 шықәса раҧхьа Европатәи аҳәынҭқаррақәеи егьырҭ атәылақәеи ишахәҭоу ала Урыстәылатәи агрессиа иақәҿырҭызҭгьы,  Ҟрым аннексиа иҟамларгьы алшон.

Euronews ажурналист иҳәамҭала, аурыс танкқәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалалеит Урыстәыла атәылауаа рыхьчар рҭахызшәа ҿыҵгас иҟаҵаны. Урҭ аурыс паспортқәа змоу ауаҧсаа роуп излацәажәо.

Иара убас, ажурналист жәларбжьаратә азинхьчаратә еиҿкаара  Human Rights Watch аҳасабрбагьы дазааҭгылеит. Уаҟа ишану ала, ақырҭуа аруаа Цхинвал ианалҵ ашьҭахь, асепаратистцәа, хықәкыла,  еиҧҟьарала ақырҭуа қыҭақәа амца рыцрарҵон.
Еврониус иеиҭаз аинтервиу аҿы аибашьра алҵшәақәа дрылацәажәеит Лондонтәи Сhatam House аексперт Гьаргь Мҷедлишвили. Уи иҳәамҭала, аибашьра амшала зегьы реиҳа азарал аиуит Цхинвалтәи арегион. Уажәазы уи, ишеибгоу Урыстәыла афинанстә цхыраара иахьыҧшуп, аха акоррупциа амшала, аҭыҧантәи ауааҧсыра ари аҧара рхы иадырхәаратәы алшара рымам.

Deutche Well

“Иҵаау аимак иахылҵыз апсихологиатә проблемақәа” – абас ахьӡуп анемец ҭыжьымҭа Deutche Well арепортаж. Уи ампыҵахалатә цәаҳәаҿы инхо ауааҧсыра ирызкуп. Ажурналист Даци ақыҭашҟа днеит. Уаҟа, аурыс аруаа идыргылаз “аҳәаатә дыргақәа” рымшала,  атәылауаа рыхәҭак рыдгьылҭыҧқәа рцәыӡит. Уи иҳәамҭала,  аурыс аруаа, аҭыҧантәи ауааҧсыра ргәарақәа аҳәаа рылганы,  уаҟа аҧыҧшра мҩаҧыргоит.

Al Jazeera

 “Урыстәылаҟны аибашьра ашьҭахь 10 шықәса  анҵгьы,  Қырҭтәыла мраҭашәарашҟа  ахы рхоуп” – абас ахьӡуп    Al Jazeera  аҿы икьыҧхьу  астатиа. Уаҟа ишану ала, 2008 шықәсатәи еибашьра амшала,  Қырҭтәыла,  аамҭала,  ҩ-хәҭакны еиҟәшеит,  жәларбжьаратә уаажәларра ибзиаҵәҟьаны ирбеит “Урыстәылатәи анырра аҟынтә алҵра аҽазкра иахылҵыр иалшо”.
 

Астатиа автор иҳәамҭала, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына уажәгьы Урыстәыла анапаҿы иҟоуп. Арепортаж автор ишазгәеиҭаз ала, аиҟәшаратә цәаҳәа ааигәарагьы  анеира шәарҭоуп.

Астатиаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәразы.

 

Washington Post

 Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьра иазкны автортә статиа кьыҧхьуп Washington Post  аҿгьы. Апубликациа автор Роберт Кеган иҳәамҭала, ” Путин  Қырҭтәыла даҿагыланы имҩаҧигаз акампаниа ауп  алибералтә дунеи раҧхьатәи ааха ҕәҕәа азаазгаз.”