Ирма Инашвили  - Апартиа  «Апатриотцәа ралианс» апарламент иалалом
Ирма Инашвили  - Апартиа  «Апатриотцәа ралианс» апарламент иалалом

«Авҭандил Енуқиӡе ҳпартиа аҧара азоуижьҭуеит, иара ихы дақәиҭуп,  сареи спартиа алахәылацәеи иара иӡбара ҳзыҧсахуам», — илҳәеит апартиа  «Апатриотцәа ралианс» алидер Ирма Инашвили апартиа алахәыла Авҭандил Енуқиӡе апарламент алаларазы идикылаз аӡбара данахцәажәоз.

Иахьатәи абрифинг аҿы Инашвили ишылҳәаз ала,  апартиа аполитикатә аилазаара апарламент иалалом.

«Иалкааны иазгәасҭар сҭахуп, Ирма Инашвилии,  Гьаргь Ломиеи, Гоча Ҭевдораӡеи апарламент иалалом, ҽакала иаҳҳәозар, апартиа аполитикатә еилазаара апарламент иалалом.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп  — апарламенттә алхрақәа ирҩашьан, убри аҟынтә, ҳара ажәабатәи ааҧхьара апарламент ҳалалом», —  илҳәеит Ирма Инашвили.