Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр  визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр  визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

«Иааиуа амчыбжь азы Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр  Моҳаммад Джавад  Зариф  визитла Қарҭ даҭаауеит», — ари атәы аарыцҳаит ирантәи АИХ.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр арегионалтә турне мҩаҧигараны дыҟоуп,  атурне аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылагьы даҭаауеит.

Ирантәи амедиа адыррақәа рыла, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Москвеи, Бақәеи, Еревани, Қарҭи дырҭаауеит.

АИХ адыррақәа рыла, адәныҟатәи аусқәа рминистр аҭырқәа иколлега Мевлиуҭ Чавушоҕлу аҭелла диацәажәеит, аха аганқәа рхаҭарнакцәа Кавказтәи арегиони Москвеи  Зариф имҩаҧигараны иҟоу авизитқәа ирылацәажәо ирыламцәажәо идырым.