Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла даҭааит
Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла даҭааит

 

Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр  Моҳаммад Джавад Зариф, арегионалтә турне аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла даҭааит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы асас диҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисиашвили.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала,  ирантәи адипломат Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, апарламент ахантәаҩы Арчил Ҭалакваӡеи, аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи дырҧылоит. Иара убас, Иран адәныҟатәи аусқәа рминистр, Қырҭтәыла акзаара зхы ақәызҵаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵоит.