Иракли Заркуа - Саакашвили – абжьааҧнытә баандаҩы иоуп, иара аконкреттә ацәгьауразы дҭакуп, убри аҟынтә, арҧхарҭатә ҭагылазаашьақәа иоуӡом
Иракли Заркуа - Саакашвили – абжьааҧнытә баандаҩы иоуп, иара аконкреттә ацәгьауразы дҭакуп, убри аҟынтә, арҧхарҭатә ҭагылазаашьақәа иоуӡом

Апарламенттә аиҳара ахаҭарнак  Иракли Заркуа ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили аҭел ахархәара азин имоуп егьырҭ абаандаҩцәа ирзышьақәыргылоу аихшанҵа инақәыршәаны,  иара ҷыдала арҧхарҭатә ҭагылазаашьақәа иоуам.

Иара убас,  Заркуа  Саакашвили ила амлакра афакгьы дахцәажәеит.

«Амлакра —  иара изинуп, иҭахымзар  — акриимфааит, иҭахызар  — апротест егьырҭ аформақәагьы ихы иаирхәар илшоит. Иара ихаан иҟаз,   2012 шықәсазы иаанижьыз абахҭеи уажәы дахьҭаку  абахҭеи  шеиҧшым ибеит ҳәа сгәыҕуеит.

Ателевизор,  аинтернет уҳәа,  егьырҭ азҵаарақәа ирыдҳәаланы ишәасҳәар сҭахуп. Ателевизор апротокол ала иазҧхьагәаҭам,  ирҭахызар,  иуацәа изааргааит,  аҭел ахархәарагьы илшоит,  аха,  егьырҭ абаандаҩцәа ирзышьақәыргылоу аихшанҵа инақәыршәаны. Саакашвили – абжьааҧнытә баандаҩы иоуп, иара аконкреттә ацәгьауразы дҭакуп, убри аҟынтә, арҧхарҭатә ҭагылазаашьақәа иоуӡом», — иҳәеит Заркуа.