Иракли Кобахиӡе  - Саакашвили амлашьра даҟәыҵны, убри ала имлашьуа егьырҭ ауааҧсырагьы ргәабзиара ихьчар илшоит, иара ауаҩреи анамыси имазҭгьы, убас иҟаиҵон
Иракли Кобахиӡе  - Саакашвили амлашьра даҟәыҵны, убри ала имлашьуа егьырҭ ауааҧсырагьы ргәабзиара ихьчар илшоит, иара ауаҩреи анамыси имазҭгьы, убас иҟаиҵон

Михаил Саакашвили  уажәы имлашьуа ауааҧсыра ргәабзиареи рыҧсҭазаареи азы аҭак иҧхықәуп. Саакашвили амлашьра даҟәыҵны, убри ала имлашьуа егьырҭ ауааҧсырагьы ргәабзиара ихьчар илшоит», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  Михаил Саакашвили  имлашьуа Елене Хоштариа лгәабзиаразы аҭак иҧхықәуп.

«Иара ахаҵареи, ауаҩреи, анамыси имазҭгьы, убас иҟаиҵон, аха, ауаҩреи анамыси имам.  Михаил Саакашвили уажәы имлашьуа ауааҧсыра ргәабзиареи рыҧсҭазаареи азы аҭак иҧхықәуп, ҷыдала, Елене Хоштариа лгәабзиаразы. Лгәабзиара ашәарҭара иҭагылоуп, Саакавшили иоуп уи азы аҭак зыҧхықәу», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.