Иракли Кобахиӡе  - "Намахвани ГЕС" аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра апротест азы рхы иадырхәо аформақәа ҳазрықәшаҳаҭхом
Иракли Кобахиӡе  - "Намахвани ГЕС" аргылара иаҿагылоу ауааҧсыра апротест азы рхы иадырхәо аформақәа ҳазрықәшаҳаҭхом

«Ҳара, ҳрыдтәаланы, азҵаарақәа зегьы рылацәажәара ҳазыхиоуп», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла,  аиҳабыра, акциа алахәылацәа рхы иадырхәо аформақәа изрықәшаҳаҭхом.

«Ҳара, ҳрыдтәаланы, азҵаарақәа зегьы рылацәажәара ҳазыхиоуп.  Абри аформа ииашоуп. Ишыжәдыруа ала, апарламент ахантәаҩы адискуссиа рыдигалеит, аха, дара ирҭахымхеит. Уи алагьы иубарҭоуп аргументқәа шрымам, дара, излацәажәо азҵарақәа ракәымкәа, апротест ауп интересс ирымоу», — иҳәеит Кобахиӡе.