Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, адискуссиа нагӡахоит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Бриуссель ивизит ашьҭахь
Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, адискуссиа нагӡахоит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Бриуссель ивизит ашьҭахь

Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала,   Кристиан Даниелсон иҟны даҽа еиҧыларак мҩаҧган. Кобахиӡе иажәақәа рыла, ахырхарҭақәа рацәа рыла апрогресс иҟоуп, адискуссиа нагӡахоит Қырҭәтыла Аҧыза-министр Бриуссель ивизит ашьҭахь.

«Ҳпартниорцәеи ҳареи апродуктивтә даҽа еиҧыларак мҩаҧаагеит, адиалоги иҟалар зылшо аиқәшаҳаҭхареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит. Ахырхарҭақәа рацәа рыла апрогресс иҟоуп. Аҧыза-министр Бриуссель ивизит ашьҭахь аиҿцәажәарақәа нагӡахоит, избанзар зҵаарақәак рзы ҳаиқәшаҳаҭхароуп, убри аҟынтә, макьана адетальқәа ҳрылацәажәом», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.