Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, иахьа Кристиан Даниелсон даҽазнык анапхгаратә гәыҧ дырҧылоит
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, иахьа Кристиан Даниелсон даҽазнык анапхгаратә гәыҧ дырҧылоит

Анапхгааратә партиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала,  иахьа Кристиан Даниелсон даҽазнык анапхгаратә гәыҧ дырҧылоит.

Шьыжьымҭан имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь Кобахиӡе ишиҳәаз ала,  уажәазы иара  аконкреттә алҵшәақәа дызрылацәажәом.

«Иахьа европатәи ҳҩызцәеи Америка ацҳаражәҳәаҩи ҳарҧылеит. Аполитикатә диалог иадҳәалоу азҵаарақәа ҳрылацәажәеит. Аиҿцәажәарақәа инагӡоит,  убри аҟынтә,  адетальқәа макьана ҳрылацәажәом. Сааҭқәак рышьҭахь Даниелсон аоппозициаа дырҧылоит,  анеҩс,   даҽазнык ҳара даҳҧылоит. Ари апроцесс иахьа ихыркәшазароуп,  убри аҟынтә,  макьана аконкреттә комментариақәа ҳзыҟаҵом», — иҳәеит Кобахиӡе.