Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, апарламенттә аиҳара иалҵыз адепутатцәа ииашам аӡбара рыдыркылеит
Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, апарламенттә аиҳара иалҵыз адепутатцәа ииашам аӡбара рыдыркылеит

Дара рыӡбара ииашамызт, ари азҵаара иадҳәаланы аконсультациақәа мҩаҧгамызт, — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе фҩык адепутатцәа апарламенттә аиҳара аҟынтә ралҵра азҵаара даналацәажәоз.

«Аполитикатә процесс аҿы ииашам аӡбара шәыдышәкылар, апроцесс ахаҭагьы ииашамкәа инагӡахоит. Абри аҩыза алагамҭа ала ақәҿиара зроуам», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Иацы Қырҭтәыла апарламент фҩык адепутатцәа апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» иалҵит.  Дара ихьыҧшым адепутатцәа рҳасабала аусура нарыгӡоит, ишырҳәаз ала, Гьаргь Гахариа игәыҧ иалоуп,  иахьа инаркны апартиа ҿыц аиҿкаара аетап ашҟа ииасуеит.