Иракли Кобахиӡе  - Ҳара Аиустициа Иреиҳаӡоу Ахеилак алхра азҵаара жьҭааразы ҳазыхынҳәуеит
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара Аиустициа Иреиҳаӡоу Ахеилак алхра азҵаара жьҭааразы ҳазыхынҳәуеит

 

Апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала,  апарламент, Аиустициа Иреиҳаӡоу Ахеилак алхра азҵаара иазыхынҳәуеит жьҭааразы.

«Ахеилак алахәылацәа ралхразы аконсультациақәа мҩаҧгатәуп, дара рышьақәырҕәҕәаразы  90ҩык адепутатцәа рбыжьқәа иҟазароуп. Аконкурс анрыларҳәалак, иашьашәалоу аӡбара ҳадаҳкылоит. Апарламенттә аҧшьарамшқәа иалагоит, абри азҵаара арццакны аӡбара ҟалом, уи жьҭааразы ҳазыхынҳәуеит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.