Иракли Кобахиӡе  - Ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп апарламент аусура аиқәыршәаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵарц
Иракли Кобахиӡе  - Ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп апарламент аусура аиқәыршәаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵарц

 

«Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа аоппозициа рахь ааҧхьара ҟарҵеит дара аизара ахақәиҭра инақәыршәаны, акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа иазҧхьагәаҭаны, аҭынчратә формала рхы мҩаҧыргарц, ари ааҧхьара аҵакы ду амоуп», —  иҳәеит апартиа   «Ақырҭуа гәахәтәы  — Адемократиатә Қырҭтәыла»  анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе апартиа аофис аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәареи Евроеидгыла ахаҭарнакреи  иҟарҵаз аҳәамҭақәа дрыхцәажәеит.

«Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа аоппозициа рахь ааҧхьара ҟарҵеит дара аизара ахақәиҭра инақәыршәаны, акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа иазҧхьагәаҭаны, аҭынчратә формала рхы мҩаҧыргарц, ари ааҧхьра аҵакы ду амоуп.

Иара убас, ацҳаражәҳәарақәа зегьы аполиткиатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵароуп апарламент аусура аиқәыршәаразы аҭакҧхықәра рхы адарҵарц, уигьы аҵакы ду амоуп.

Ҳара ҳганахьала, аизара азин амҩаҧгареи алхрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы ҭынч реилыргареи ҳазыхиоуп», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.