Иракли Кобахиӡе  - Аҧхьагыла исаботаж амшала  200ҩык амлашьра иалагеит, уи атрагикомедиатә хҭысуп
Иракли Кобахиӡе  - Аҧхьагыла исаботаж амшала  200ҩык амлашьра иалагеит, уи атрагикомедиатә хҭысуп

Амлашьра —  ауаҩҧсы цыҧхьаӡа иполитикатә зинуп, — иҳәеит апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Иракли Кобахиӡе.

Иара иажәақәа рыла, алидер имҩаҧиго ашантаж амшала   200ҩык амлашьра иахьалагаз игәы иалоуп.

«Ахҭыс лахьеиқәҵага ҟалеит, уи аполитика иаҧырхагоуп, аха, дара рхала ус рыӡбеит. Ишаадыруа ала, арҭ ауаа рлидер имҩаҧиго ашантаж амшала амлашьра иалагеит. Ҳара аӡәгьы ҳаихыччом, аха, алидер ишантаж амшала 200ҩык амлашьра иалагозар, уи атрагикомедиатә хҭысуп», — иҳәеит Кобахиӡе.

Русҭавели имҩаду аҿы иацы имҩаҧгаз амитинг аҽы Амилаҭтә ҵысра ахантәаҩы Ника Мелиа ишиҳәаз ала, Михаил Саакашвили идгылаҩцәа, Саакашивли ихақәҭтәра аҳәарала, амассатә амлашьра иалагоит.