Иракли Кобахиӡе  - Аоппозициаа рыхәҭак рхымҩаҧгашьала иубарҭоуп дара алхрақәа рышьҭахь адеструктивтә шьаҿақәа рыҟаҵара ишазыхиоу, аха, ҳара иахәҭоу аҭак раҳҭоит
Иракли Кобахиӡе  - Аоппозициаа рыхәҭак рхымҩаҧгашьала иубарҭоуп дара алхрақәа рышьҭахь адеструктивтә шьаҿақәа рыҟаҵара ишазыхиоу, аха, ҳара иахәҭоу аҭак раҳҭоит

Аоппозициаа асаботаж ала лҵшәак роурц азыҳәан  изакәызаалак ресурск рымам,  — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, аоппозициаа алхрақәа рышьҭахь адәахьы идәылҵыр ҟалап.

«Аоппозициаа рыхәҭак рхымҩаҧгашьала иубарҭоуп дара алхрақәа рышьҭахь адеструктивтә шьаҿақәа рыҟаҵара ишазыхиоу, аха, ҳара иахәҭоу аҭак раҳҭоит.  Дара асаботаж ала лҵшәак роурц азыҳәан изакәызаалак ресурск рымам. Зыӡбахәы ҳәоу алхрақәа рышьҭахь хышықәса рыҩнуҵҟа ҳтәыла ҭынч аҿиара алшара амазаауеит. Уажәазы ихадоу акоуп  — жьҭаара 2 рзы ишахәҭоу ала алхрақәа рымҩаҧгара. Убри анеҩс, ҳтәыла, хышықәса рыҩнуҵҟа ҭынч аҿиареи, аекономикатә азҳареи, асоциалтә аҿиареи алшоит, уи ҳтәыла адәныҟатәи аполитикагьы арҕәҕәоит», — иҳәеит Кобахиӡе.