Иракли Кобахиӡе  -  «Амилаҭтә ҵысра» роуп ажәылара иаҿу, жьҭаара 2 рзы ажәлар дара ирыхәҭоу аҭак рырҭоит
Иракли Кобахиӡе  -  «Амилаҭтә ҵысра» роуп ажәылара иаҿу, жьҭаара 2 рзы ажәлар дара ирыхәҭоу аҭак рырҭоит

«Амилаҭтә ҵысра» роуп ажәылара иаҿу, жьҭаара 2 рзы ажәлар дара ирыхәҭоу аҭак рырҭоит, — иҳәеит Қырҭтәыла анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе.

«Иааиуа амчыбжь азы  ҭынчзароуп,   ҷыдала алхрақәа рымш аҽны, уи аҵакы ду амоуп.  Есымша апровокациақәа шыҟоу аабоит. Иацгьы Каспи апровокациа ҟалеит.  Аха,  ҳхаҭарнакцәа ишақәнагоу ала рхы мҩаҧыргеит. Апровокациақәа рықәныҟәара ҟалом. Апровокациақәа шаҟа ирацәахо аҟара, ажәлар рпозициагьы џьбарахоит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.