Иракли Кобахиӡе аҳәынҭқаратә маӡаныҟәгаҩ ихаҩыԥуаҩ дылԥылеит
Иракли Кобахиӡе аҳәынҭқаратә маӡаныҟәгаҩ ихаҩыԥуаҩ дылԥылеит

Аҳәынҭқаратә маӡаныҟәгаҩ ихаҩыԥуаҩ Ерика Олсон лҟны аиԥылараан алхрақәа рнеҩстәи аҿиара иконкрету ашьаҿақәеи, хрегион иазку астратегиатә зҵаарақәеи ҳрыхцәажәеит, –  иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, ари Ерика Олсон Қырҭтәыла раԥхьаӡатәи лвизитуп,  лара лҟны аусеицура Қырҭтәылазы аҵак ҷыда амоуп.

“Ари Ерика Олсон Қырҭтәыла раԥхьаӡатәи лвизитупю Лара дырҭааит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани, Қырҭтәылеи,лвизит хықәкыс амоуп арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара. Атемақәа раҵәаны ҳарзааҭгылеит, иазгәаҭан Қырҭтәылазы аҭынчра аҵак ду шамоу,” – иҳәеит Кобахиӡе.