Иракли Ҕарибашвилии Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директори авакцинациа иазкны ҭелла еицәажәеит
Иракли Ҕарибашвилии Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директори авакцинациа иазкны ҭелла еицәажәеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара (WHO)  агенералтә директор Тедрос Гебреисус ҭелла диацәажәеит авакцинала аиқәыршәара аганахьала  адунеи аҿы акризис шыҟоугьы, ари аиҿкаара Қырҭтәыла иацхраарц  излауа ала ирласны авакцина раҧхьатәи адозақәа раиураҿы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  апандемиа амшала адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи, авакцинациа аганахьала адунеи аҿы иҟоу апроблемақәеи, Қырҭтәыла авакцинациа апроцесс алагаразы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адгылара аҵаки иалацәажәеит.

Атәылақәа зегьы авакцина аиуразы еиҟараны алшара рымазарц азыҳәан, хшыҩзышьҭра азун авакцина ииашаны аизшара азҵаара.

Ишазгәаҭаз ала, атәылашҟа иаамҭаны авакцина аагареи, иара убас, аинфраструктуратәи алогистикатәи азҵаарақәа рыӡбареи азыҳәан, Қырҭтәыла аиҳабыра крызҵазкәа ауснагӡатәқәа мҩаҧыргеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, COVAX-платформа инаваргыланы, аиҳабыра  жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҭзыжьуа аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргоит излауа ала ирласны авакцина раҧхьатәи адозақәа раиуразы, ари апроцесс аҿы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ароль ду анашьоуп.

Иракли Ҕарибашвили Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Қырҭтәыла ацхрааразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит авакцинациа амилаҭтә план ашьақәырҕәҕәараҿы ари аиҿкаара инанагӡаз  ароль. Аплан ала ихәаақәҵоуп ахықәкытә гәыҧқәа, ашықәс анҵәамҭанӡа атәыла ауааҧсыра  рҟынтә 60% авакцина рзыҟарҵароуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, ҳаҧхьаҟагьы,  еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус ацура иазхиоуп, избанзар апандемиа аҵархареи анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәреи азеиҧш ҽазышәара мацаралоуп ишыҟало.