Иракли Ҕарибашвили Жәларбжьаратәи аҵаратә центр астипендиантцәеи аужьҭымҭаҩцәеи дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Жәларбжьаратәи аҵаратә центр астипендиантцәеи аужьҭымҭаҩцәеи дырҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Жәларбжьаратәи аҵаратә центр астипендиантцәеи аужьҭымҭаҩцәеи дырҧылеит.  Аиҧылара рхы аладырхәит аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии жәларбжьаратәи аҵаратә центр адиректор Нино Ҷелиӡеи.

Жәларбжьаратәи аҵаратә центр ишьаҭаркын  2014 шықәсазы, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҧшьгарала. Ацентр имҩаҧнаго астипендиатә программақәа рыбзоурала,  ақырҭуа аҿар адунеи иреиҕьу иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵар рылшоит.

2014-2021  шықәсқәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә астипендиатә программақәа ирзоушьҭын 41 миллион лари, абри аҧарала астипендиақәа роуит 1100ҩык ауааҧсыра. Сынтәа Жәларбжьаратәи аҵаратә центр астипендиа роуеит  150ҩык аҿар.