Иракли Ҕарибашвили   Тоиво Клаар диацәажәеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны
Иракли Ҕарибашвили   Тоиво Клаар диацәажәеит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы аицхантәаҩы, Аахыҵ Кавкази  Қырҭтәыла иҟоу акризиси  азҵаарақәа рзы  Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда  Тоиво Клаар диҧылеит.

Аиҧылараан аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит Иракли Бобуеи закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла егьырҭ атәылауааи рхақәиҭтәразы жәларбжьаратәи аҽазышәарақәа хымҧада ишырҕәҕәатәу.  Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа алҵшәа рхылҵроуп, ари азҵаара аҵакы ду амоуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми  Галтәи аиҧыларақәа хымҧада еиҭашьақәыргылатәуп, иара даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара ишазҿлымҳау.

Ҕарибашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра активла аус руеит атәыла адеокупациеи, аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵареи, иаку амилаҭтә азнеишьеи аҳәынҭқарратә стратегиеи реиқәыршәареи  азыҳәан.