Иракли Ҕарибашвили – Сара Китаи аҧыза-министрс сшыҟамло  еиҧшҵәҟьа, Мелиагьы Қарҭ ахадас дзыҟалом
Иракли Ҕарибашвили – Сара Китаи аҧыза-министрс сшыҟамло  еиҧшҵәҟьа, Мелиагьы Қарҭ ахадас дзыҟалом

«Сара Китаи аҧыза-министрс сшыҟамло  еиҧшҵәҟьа, Мелиагьы Қарҭ ахадас дзыҟалом», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Сенаки даныҟаз, уаҟа  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантаҩы Иракли Кобахиӡеи иареи  амуниципалитетқәа рнапхгаҩцәа рҭыҧқәа рзы акандидатцәеи алхратә штабқәа рнапхгаҩцәеи ирҧылоит.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  Ника Мелиа ибзиаҵәҟьаны идыруеит иара Қарҭ ахадас дшыҟамло, избанзар,  «иара уаанӡатәи ашьҩи, азондери, акриминали иоуп».

«Сара Китаи аҧыза-министрс сшыҟамло  еиҧшҵәҟьа, Мелиагьы Қарҭ ахадас дзыҟалом. Мелиа иасҳар сҭахуп, амцҳәара даҟәыҵааит. Иаргьы ибзиаҵәҟьаны идыруеит Қарҭ ахадас дшыҟамло,  избанзар,  «иара уаанӡатәи ашьҩи, азондери, акриминали иоуп»», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.