Иракли Ҕарибашвили - Саакашвили дшәаргәындоуп, иара абрахь дзаауам, дааир, дышиашо  абахҭахь дцоит, абри анаркоман иҟаиҵо ааҧхьарақәа интересс иҳамам
Иракли Ҕарибашвили - Саакашвили дшәаргәындоуп, иара абрахь дзаауам, дааир, дышиашо  абахҭахь дцоит, абри анаркоман иҟаиҵо ааҧхьарақәа интересс иҳамам

Саакашвили ҳизҿлымҳам, абри исериозым ауаҩы ииҳәо, иҟаиҵо ааҧхьарақәа интересс иҳамам, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили уажәааны Саакашвили аполициа аусзуҩцәа рахь иҟаиҵаз ааҧхьара иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  Саакашвили дзааӡом, избанзар дааир, абахҭа дҭаркуеит.

«Абри анаркоман, исериозым ауаҩы,  Саакашвили иҟаиҵо ааҧхьарақәа…Иацы дыжәбазар, шәицклаҧшуазар, ибзиаҵәҟьаны ижәбон иара анаркотикқәа идкыланы дшыҟаз, шәихәаҧшла, шәизыӡырҩла.  Саакашвили ҳизҿлымҳам, абри исериозым ауаҩы ииҳәо, иҟаиҵо ааҧхьрақәа интересс иҳамам. Ҳазынтәгьы ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит Саакашвили дышшәаргәындоу.  Абрахь дзааӡом,   дааир, дышиашо абахҭахь дцоит, ҳтәылаҿы ари апроцесс  аӡәгьы дзаҧырхагахом», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.