Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра зхы иақәиҭу, иаарту, аконкуренттә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵоит
Иракли Ҕарибашвили – Қырҭтәыла аиҳабыра зхы иақәиҭу, иаарту, аконкуренттә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵоит

«Иарбанзаалак зҵаарак аҭакда иаанымхарц азыҳәан, Қырҭтәыла аиҳабыра, зхы иақәиҭу, иаарту, аконкуренттә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, анапхгаратә гәыҧ алхрақәа раан Қырҭтәыла излауа ала ирацәаны анаҧшцәа иҟазар ауп ирҭаху.

«Мшаҧы азы адәныҟатәи аусқәа рминистр Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаарахь аофициалтә ааҧхьара дәықәиҵеит дара излауа ала ирацәаны анаҧшцәа аарышьҭырц азыҳәан. Иара убас, ишыжәдыруа ала, алхрақәа рыцклаҧшра апроцесс иалахәызаауеит  NDI-и IRI-и рхаҭарнакцәеи Европарламент адепутатцәеи. Алхрақәа раан Қырҭтәыла излауа ала ирацәаны анаҧшцәа иҟазар ҳҭахуп.  Иарбанзаалак зҵаарак аҭакда иаанымхарц азыҳәан, Қырҭтәыла аиҳабыра, зхы иақәиҭу, иаарту, аконкуренттә алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭакҧхықәра рхы адырҵоит», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.