Иракли Ҕарибашвили  - Қырҭтәыла  2024 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы аҽазыҟанаҵоит
Иракли Ҕарибашвили  - Қырҭтәыла  2024 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы аҽазыҟанаҵоит

Қырҭтәылеи Шенгентәи азона атәылақәеи рыбжьара авизадатә режим ашьақәыргылара инаркны ҧшьышықәса аҵара инамаданы Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа инақәырәшаны, ақырҭуа уаажәларра, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсырагьы, евроинтеграциа абзоурала Қырҭтәыла атәылауаа ироуа ахырҳагара рхы иадырхәар рылшоит.

«Иахьа  ҳара авизадатә режим ашьақәыргылара инаркны ҧшьышықәса аҵра иазгәаҳҭоит. 2017 шықәсазы Евроеидгылеи европатәи атәылақәеи ирыдыркылаз аҭоурыхтә  аӡбара  ҳтәыла адемократиа арҕәҕәареи, аҿиареи, ҳара имҩаҧаагаз ареформақәеи ирыбзоуроуп.  Ҳара Евроеидгыла алахәызаара наӡа ахырхарҭала ҧхьаҟацара наҳагӡоит.  2024 шықәсазы азыҳәамҭа аҟаҵаразы ҳҽазыҟаҳҵоит.  Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ақырҭуа уаажәларра, Аҧсни Цхинвалтәи арегиони ирықәынхо ауааҧсырагьы, евроинтеграциа абзоурала Қырҭтәыла атәылауаа ироуа ахырҳагара ахархәара рылшарц азыҳәан», — иануп Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.