Иракли  Ҕарибашвили Колин Пауелл иҭаацәареи америкатә жәлари дрыдашшылеит
Иракли  Ҕарибашвили Колин Пауелл иҭаацәареи америкатә жәлари дрыдашшылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Колин Пауелл иҧсра далацәажәеит амикроблог «Твиттер» аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҩыз ала,  Колин Пауелл  дпатриот дуун, Қырҭтәыла аҩызцәа дреиун.

Иракли  Ҕарибашвили Колин Пауелл иҭаацәареи америкатә жәлари дрыдашшылеит.

«Аинрал Колин Пауелл иҧсра даарӡа сгәы иалсит. Ҳара амҩақәҵаҩ даҳцәыӡит.  Колин Пауелл  дпатриот дуун, Қырҭтәыла аҩызцәа дреиун. Иҭаацәареи америкатә жәлари дрыдашшылоит», — иҩит Иракли Ҕарибашвили.