Иракли Ҕарибашвили  Илҳам Алиев диҧылеит  [афото]
Иракли Ҕарибашвили  Илҳам Алиев диҧылеит  [афото]

Иракли Ҕарибашвили  Илҳам Алиев диҧылеит  [афото]

 

Аофициалтә визитла Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьантәи ареспублика ахада Илҳам Алиев диҧылеит.

Аиҧылара аҟынтә афотоматериал аланарҵәеит азербаиџьартәи амедиа.

Илҳам Алиев Иракли Ҕарибашвили дидикылеит ахан  «Загульба» аҿы.

Иахьа Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы азербаиџьантәи иколлега Али Асадов диҧылоит.

Иара убас, Аҧыза-министр Милли Меџьлис ахантәаҩы Сахиба Гафаровагьы дылҧылоит.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа аделегациа далоуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании. Иара Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылоит.