Иракли Ҕарибашвили Иенс Столтенберг диҧылоит
Иракли Ҕарибашвили Иенс Столтенберг диҧылоит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыратә делегациеи Бриуссель авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥыларақәа нарыгӡоит.

Иахьа Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, НАТО аштаб-уадаҿы, алианс амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь, Иракли Ҕарибашвилии Иенс Столтенберги апрессконференциа мҩаҧыргоит. Иара убас, НАТО-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәарагьы мҩаҧысраны иҟоуп.