Иракли Ҕарибашвили – Ҳолокоста иалаӡыз ауаа ргәаларшәара ажәларқәа зегьы,   аиҳабырақәа зегьы аҧхықәра рыднаҵоит абри аҩыза ацәгьара уаҳа хаан иахьыҟамлаша адунеи аргыларазы
Иракли Ҕарибашвили – Ҳолокоста иалаӡыз ауаа ргәаларшәара ажәларқәа зегьы,   аиҳабырақәа зегьы аҧхықәра рыднаҵоит абри аҩыза ацәгьара уаҳа хаан иахьыҟамлаша адунеи аргыларазы

«Иахьа ҳара ауаатәыҩсара рҭоурых аҿы арыцҳара дуӡӡа – Ҳолокоста иалаӡыз ауаа ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит», — иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла,  Ҳолокоста иалаӡыз ауаа ргәаларшәара ажәларқәа зегьы,   аиҳабырақәа зегьы аҧхықәра рыднаҵоит абри аҩыза ацәгьара уаҳа хаан иахьыҟамлаша адунеи аргыларазы.

«Ҳолокоста  арыцҳара хаангьы иаҳхашҭуам, уи лабҿаба иҳнарбеит ацәымҕреи, азымчҳареи, ахатә ҧыжәара агәрагареи аполитика амҩаҧгара шыҟамло», —  иануп аҧыза-министр иҳәамҭаҿы.