Иракли Ҕарибашвили  - Ҳара ииашоу акомпромисс ҳазхиоуп, уажәы аоппозициаа роуп зҳәатәы зшәаша
Иракли Ҕарибашвили  - Ҳара ииашоу акомпромисс ҳазхиоуп, уажәы аоппозициаа роуп зҳәатәы зшәаша

Қырҭтәыла Аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала,  аполитикатә партиақәа рыбжьара адиалог инагӡоит. Аиҳабыра рнапхгаҩы аиқәшаҳаҭра рылшап ҳәа дгәыҕуеит.

Иара иажәақәа рыла, атәыла анапхгара ииашоу акомпромисс иазхиоуп.

«Ҳәарада, адиалог инагӡоит. Аиқәшаҳаҭхара ҳалшап ҳәа сгәыҕуеит.  Ҳара ҳган аҟынтә изакәызаалак адеструктивтә шьаҿак ҟалом, аоппозициаа роуп акомпромисс мап ацәызкуа. Ҳара ииашоу акомпромисс ҳазхиоуп, уажәы аоппозициаа роуп зҳәатәы зҳәаша», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Иара ишазгәеиҭаз ала, изаамҭаным алхрақәа мҩаҧысуам.

«Ҳтәылаҿы аполитбаандаҩцәа иҟам, урҭ шәҧыза Саакашвили ихаан ауп ианыҟаз», — иҳәеит Иракли Ҕариабашвили ажурналистцәа рызҵаара аҭак аныҟаиҵоз.