Иракли Ҕарибашвили – Ҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳазҿлымҳауп
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳазҿлымҳауп

«Ҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳазҿлымҳауп, Қырҭтәыла ари апроцесс аҿы еснагь ахадаратә роль анагӡара иазыхиоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реиҳабырабжьаратә економикатә комиссиа аилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп.

«Ҳаиҩызаратә еизаҟазаашьақәа ареалтә усқәа ирныҧшыр ҳҭахуп. Ҳара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ҳарҭбаароуп, арегионалтә проектқәеи аинфраструктуреи, аҩ-ганк изызҿлымҳау егьырҭ апроектқәеи ҳрылацәажәоит, убри азоуп иахьа абра ҳзеизаз.

Ҳаизыҟазашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп. Згәыдурала иазгәаҳҭар ҳалшоит ҳтәылақәа рыбжьара абри аҩыза аизыҟазаашьақәа хаан ишыҟамыз.  Еснагь ҳаизыҟазаашьақәа бзиан, аиҩызара ҳабжьан, аха, ҳара ҳабзоурала, иахьа ҳтәылақәеи ҳаиҳабырақәеи изакәызаалак  аилыбамкаарак рыбжьам,  иҵабыргны, аидеалтә еизыҟазаашьақәа ҳамоуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.