Иракли Ҕарибашвили – Ҳара, ақәҧарақәа рацәа рҿы иҧышәоу ҳстратегиатә партниорра ашьаҭала,  атерроризми еиҿкаау ацәгьауреи аҿагылара иазку азеиҧш ҽазышәарақәа еицынаҳагӡоит  
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара, ақәҧарақәа рацәа рҿы иҧышәоу ҳстратегиатә партниорра ашьаҭала,  атерроризми еиҿкаау ацәгьауреи аҿагылара иазку азеиҧш ҽазышәарақәа еицынаҳагӡоит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Америка атәылахьчара аминистр  Ллоидом Остини иареи реиҧылара дахцәажәеит асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.

Аиҳабыра ранапхгаҩы ишиҩыз ала, Қырҭтәылеи Америкеи ақәҧарақәа рацәа рҿы иҧышәоу рстратегиатә партниорра ашьаҭала,  атерроризми еиҿкаау ацәгьауреи аҿагылара иазку азеиҧш ҽазышәарақәа еицынарыгӡоит.

«Америка атәылахьчара аминистр иофициалтә визит аан сахьыҧылаз сеигәырҕоит. Ҳара, ақәҧарақәа рацәа рҿы иҧышәоу ҳстратегиатә партниорра ашьаҭала,  атерроризми еиҿкаау ацәгьауреи аҿагылара иазку азеиҧш ҽазышәарақәа еицынаҳагӡоит. Ҳара атәылахьчареи ашәарҭадареи аусхкқәа рҿы ҩ-ганктәи аусеицуреи, Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи, Амшын еиқәа ашәарҭадара азҵаарақәеи ҳрылацәажәеит», — иҩит аҧыза-министр асоциалтә аҳа  «Твиттер» аҿы.