Иракли Ҕарибашвили – Ҳара амедиа ахаҭарнакцәа рзы амчылара афактқәа зегьы излауа ала ирласны иҭҵааны, изхароу ауаа зегьы иахәҭоу ахьырхәра раҳҭоит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара амедиа ахаҭарнакцәа рзы амчылара афактқәа зегьы излауа ала ирласны иҭҵааны, изхароу ауаа зегьы иахәҭоу ахьырхәра раҳҭоит

Ҳара амедиа ахаҭарнакцәа рзы амчылара афактқәа зегьы излауа ала ирласны иҭҵааны, изхароу ауаа зегьы иахәҭоу ахьырхәра раҳҭоит, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, ҧхынгәы  5-6 рзы аполициа ибзиаҵәҟьаны аус руит, 120ҩык ааныркылеит.

«Абарҭ ҩымш рзы 120ҩык аанаҳкылеит. Ҧхынгәы  6 рзы амчылара афактқәа рзы  100 ҩык аанкылан,  20ҩык ибаандаҩуп. Ҳара амедиа ахаҭарнакцәа рзы амчылара афактқәа зегьы излауа ала ирласны иҭҵааны, изхароу ауаа зегьы иахәҭоу ахьырхәра раҳҭоит, — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.