Иракли Ҕарибашвили  - Гьаргь Гахариа иҟаиҵар иҭаху еилыскаар сҭахуп
Иракли Ҕарибашвили  - Гьаргь Гахариа иҟаиҵар иҭаху еилыскаар сҭахуп

1

Гьаргь Гахариа иҟаиҵар иҭаху еилыскаар сҭахуп,  игәы иҭоу, ипланқәа еилыскаар сҭахуп, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Гьаргь Гахариа иҟаиҵар иҭаху еилыскаар сҭахуп,  игәы иҭоу, ипланқәа еилыскаар сҭахуп. Ауааҧсыра зегьы, урҭ рыгәҭа, аполитикцәагьы, ибзианы еилыркаароуп рхымҩаҧгашьа иашьашәалоу ахәшьара шаиуа», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Гьаргь Гахариа, Аҧыза-министр иаҳасабала, инапынҵақә шьҭеиҵеит жәабран 18 рзы. Иара ишиҳәаз ала, аполитика алҵра игәы иҭам.